TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21234 15
Адраг-реисинг азы аицлабрақәа Abkhazia Rally мҩаԥысит Аԥсны.

Аиԥхныҩларақәа рахь инарышьҭит 300 ҽымч змоу 30 рҟынӡа автомашьынақәа. Урҭ Очамчыратәи абжьаларҭа инаркны Тҟәарчалҟа ахаҵәирҭа аҟынӡа ареспубликатә трасса ахәҭаҿы еиндаҭлон.

▪️300 ҽымч ркатегориаҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Аидамир Ҳаџьым, аҩбатәи — Рауль Амҷба, ахԥатәи — Леван Гигаа.

▪️400 ҽымч ркатегориаҿы аиааира игеит Асҭан Чагәаа, аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Адгәыр Аҳәба, ахԥатәи аҭыԥ — Анри Амҷба.

Ахәаԥшцәа ргәыбылра аԥхьахә изынхеит Асҭан Аршба.

Ахәаԥшцәа рзы иара убасгьы иаздырхиеит ҩыџьа-ҩыџьалатәи аиԥхныҩларақәа, аретромашьынақәа рцәыргақәҵа, аиармарка, амотоклуб "Абрек" алахәхара.

🖇 Abkhazia Rally — аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз проектуп.
  • ❤ 1
  • 👍 1
  • 🔥 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 4, 2026📇 Пицундатәи ауахәама концерттә зал Жьҭаара 6 асааҭ 17:00 — жәларбжьаратәи апремиақәа рла…
  2. Oct 4, 2026Аԥснытәи акоманда Новосибирск имҩаԥысуаз карате‐киокусинкаи азы атурнир рхы аладырхәит ҳәа…
  3. Oct 4, 2026Аспектакль "Шинель" ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр "Саби" Аҟәа иднарбеит. Ақәыргыламҭа — апластика…
  4. Oct 4, 2026Аҳабла ҿыц Цәыббра 30 амҩаду аҿы акаҭран ҿыц ашьҭаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақала…
  5. Oct 4, 2026Амузыкатә еицлабра "Аӡыхьқәа. Ахәыҷқәа 2027" ахь азыӡырҩра мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 28 рзы…
  6. Oct 4, 2026Астендтә хысраҿы Аԥсны Ахраҿа агаразы аиааира згаз алкаауп ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти р…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →