TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21233 10
Аԥснытәи акоманда Новосибирск имҩаԥысуаз карате‐киокусинкаи азы атурнир рхы аладырхәит ҳәа аанацҳауеит Жәлар рдипломатиа Ацентр.

Аицлабра мҩаԥысит жьҭаара 3-4 рзы, еизнагеит 15 тәыла рҟынтәи 1300-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Иалахәын 12-13 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, иара убас 18 шықәса ирҭысхьоу аспортсменцәагьы.

Новосибирсктәи аобласт Киокусинкаи Ассоциациа апрезидиум ахантәаҩы Андреи Киткин иҳәеит, Аԥсны карате-киокусинкаи афедерациеи дареи реимадара шышьақәгылахьо атәы.

Иааиуа ашықәс азы Аҟәа атурнир аммҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

🖇 Аспортсменцәа аицлабрақәа "34‑й Мемориал Андрея Якутова" ралахәхара адгылара анаҭеит Аԥсны жәлар рдипломатиа Ацентр.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 4, 2026📇 Пицундатәи ауахәама концерттә зал Жьҭаара 6 асааҭ 17:00 — жәларбжьаратәи апремиақәа рла…
  2. Oct 4, 2026Адраг-реисинг азы аицлабрақәа Abkhazia Rally мҩаԥысит Аԥсны. Аиԥхныҩларақәа рахь инарышьҭи…
  3. Oct 4, 2026Аспектакль "Шинель" ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр "Саби" Аҟәа иднарбеит. Ақәыргыламҭа — апластика…
  4. Oct 4, 2026Аҳабла ҿыц Цәыббра 30 амҩаду аҿы акаҭран ҿыц ашьҭаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақала…
  5. Oct 4, 2026Амузыкатә еицлабра "Аӡыхьқәа. Ахәыҷқәа 2027" ахь азыӡырҩра мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 28 рзы…
  6. Oct 4, 2026Астендтә хысраҿы Аԥсны Ахраҿа агаразы аиааира згаз алкаауп ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти р…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →