Аҵаулара, аҭоурых, аԥеиԥш — Аԥсны уеилзыркаауа х-ажәак роуп.
Абас, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳа лызҵаара аҭак ҟаиҵеит.
"Сара сгәы излаанаго ала, Аԥсны акультура аганахьала даара иҵаулоуп. Акультура, аҭоурых, атрадициақәа", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков.
Ахԥатәи ажәаны адипломат ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иҳәеит.
"Исҭахуп иаҳдыруа аҭоурых мацара акәымкәа, зегьы зызгәдуу, атәыла еиҳагьы идуу аԥеиԥш амазарц, уи азы ҳара зегьы аҭакԥхықәра ҳадуп, иахьа иарбан усурҭа ҭыԥу уахьыҟоу иахьмырԥшыкәа", — иҳәеит иара.
#social
Post #21225
26