TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21223 27
Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҵакыра ааха ӷәӷәа арҭоит, Зеленски ихымҩаԥгашьа аҭакс ҳәа рҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны.

Украина Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа еиԥнарҟьарц иаҿын аракетақәеи БПЛА-и рхархәарала. Уи иахҟьаны иҭахеит фҩык аҭынч уааԥсыра. Цәыббра 19-20 рзы Москва мацара УкрАрбџьармчқәа рхы иадырхәеит 1600 инареиҳаны ажәыларатә дронқәа.

Иара убасгьы, 2026 шықәса рашәарамзазы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аекономикатә форум аиԥҟьара хықәкыс иҟаҵаны, ажәыларатә БПЛАқәа рхархәарала атеррористтә жәыларақәа рҽазышәара ыҟан.

Иҳаҩсыз ауха киевтәи арежим Белгород ақалақь анхарҭатә ҳаблақәа ааха рнаҭеит, иҟоуп иҭахази ахәцәеи.

Иара убас, киевтәи арежим ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи анефт аус адуларатә зауадқәа ржәыларақәа ширӷәӷәо, Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Киев аобиектқәа ржәыларақәа рҭакс.

"Зеленски иахьатәи иҳәамҭа ашьҭахь Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Украина иҟоу арратә, арра-ааглыхратә обиектқәа ржәыларақәа рӷәӷәахоит", — ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿы.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Архип Лабахәуа аҩбатәи искульптура "Аҷкәыни аԥшеи" аадыртит Аҟәа, амшынбаӷәаза асқьалаҿы.…
  2. Oct 6, 2026Ҩыџьа ауаа ҭахеит, жәҩык аахақәа роуит украинатәи Арбџьармчқәа Подмосковие ажәлара иахҟьан…
  3. Oct 6, 2026Аԥсны урыстәылауаа жьҭаарамзатәи рыԥсшьаразы иалырхуа 10 хырхарҭак ирыҵанакит, абри атәы а…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеи…
  5. Oct 6, 2026Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа…
  6. Oct 6, 2026Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →