Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи риааироуп.
34 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6 1992 шықәсазы, асааҭ 6:40 минуҭи рзы Аҳәынҭқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу.
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит.
Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.
Авидео © Аԥсуа телехәаԥшра
#social
Post #21271
7