TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21210 40
Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәара иазку ацәыргақәҵа аатит "Аҟәатәи абаа" аҿы ҳәа аанацҳауеит амузеи-ҳәырԥсарра апресс-маҵзура.

Ацәыргақәҵа жьҭаара 7 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Изҭаху зегьы рзы иаартуп.

Раԥхьатәи аҭааҩцәа Баҭал Кобахьиеи Беслан Гәырџьуеи Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа дыргәаладыршәеит.

Мушьни Хәарцкьиа — Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ, археолог.

Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ иадхәалоуп раԥхьатәи афронт аартра, раԥхьатәи ахрыӷәӷәарҭа, раԥхьатәи абаталионқәа реиҿкаара.

Иара дрылахәын аиааира агараҿы аҵак ҷыда змаз аидысларақәа маҷымкәа. Дҭахеит 1992 шықәса, ԥхынҷкәын 6 рзы ақыҭа Лашькьындар ахақәиҭтәраан. Анышә дамадоуп Лыхны ақыҭан.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Ҩыџьа ауаа ҭахеит, жәҩык аахақәа роуит украинатәи Арбџьармчқәа Подмосковие ажәлара иахҟьан…
  2. Oct 6, 2026Аԥсны урыстәылауаа жьҭаарамзатәи рыԥсшьаразы иалырхуа 10 хырхарҭак ирыҵанакит, абри атәы а…
  3. Oct 6, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеи…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа…
  5. Oct 6, 2026Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи…
  6. Oct 5, 2026Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Урыстәылатәи атәылауаҩра аиуразы адоку…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →