Фиодор Емельианенко Аԥсныҟа дааит.
Еицырдыруа аспортсмен самбо азы жәларбжьаратәи атурнир ааиртуеит, иара убас аспортсменцәа ҿарацәа дырԥылараны дыҟоуп, азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит, инапынҵа-сессиа мҩаԥигоит.
Аҟәа аҳаирбаӷәазаҿы аспортсмен иԥылеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Аԥсны ахада иабжьгаҩ Алиас Гәазааи, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
🖇 Фиодор Емельяненко — урыстәылатәи аспортсмен, еилаԥсоу аиқәԥаразы ԥшьынтә адунеи ачемпион, аиқәԥаратә самбо азы жәынтә Урыстәыла ачемпион.
Post #21208
27