TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21220 31
Самбо азы жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" хацыркхеит Аҟәа.

Уи рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи, уи арегион ҿыцқәа Донецки Лугански назлоу рҟынтәи, 10-16 шықәса зхыҵуа 500-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Аицлабра аибашьцәа-аинтернационалистцәа ргәалашәара иазкуп.

Алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба. Иара аицлабра алахәылацәа қәыԥшқәа еицырдыруа спортсменцәаны рыҟалара инаваргыланы, ауаа бзиақәангьы иҟаларц рзеиӷьеишьеит.

Атурнир ааиртит еилаԥсоу ақәԥарақәа разҟаза, илегендартәу аспортсмен Фиодор Емельианенко.

"Иӷәӷәаӡоу аиааира игааит. Аха, иахьа иқәымҿио — шәгәы кашәмыжьын, алкаақәа ҟашәҵала, ԥхьаҟа мацара шәыԥшла", — иҳәеит иара.

🖇 Атурнир еиҿыркааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы Аҟәа ақалақь ахадареи Аԥсны самбо Афедерациеи алархәны.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Барнаулнтәи Аҟәаҟа раԥхьатәи ишиашоу иаауа аҳаирплан аԥырразы еиқәдыршәеит аҳазалхыҩцәа. И…
  2. Oct 6, 2026Аԥсны аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра ԥсабарала реизҳара шыҟоу убоит ҳәа лҳәеит а…
  3. Oct 6, 2026Адемографиатә шәарҭадара азҵаара аҽазыҟаҵаразы астатистика цқьа аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит адеп…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәа…
  5. Oct 6, 2026Урыстәыла Арбџьармчқәа Запорожиатәи аобласт аҿы аиланхарҭа Голубково ахы иақәиҭыртәит ҳәа…
  6. Oct 6, 2026"Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәарҭадаразы" азакәан апроект иахәаԥшуеит Жәлар Реизараҟн…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →