Фиодор Емельианенко Аҟәа аҟаза-икласс мҩаԥигеит.
Акырынтә адунеи ачемпион 150-ҩык аспортсменцәа ҿарацәа идирбеит ақәԥареи ақәыӷәӷәаратә техникеи рзы аҿырҧштәқәа.
"Аиаша шәасҳәап, даара сшәыҵашьыцуеит, ара ҿарацәоуп зегьы иҟоу. Аҧсҭазаара зегьы шәаԥхьаҟа ишьҭоуп", — иҳәеит Емельианенко.
Иара аспортсменцәа аиааирақәа рзеиӷьеишьеит. Иара убас иҳәеит ԥхьаҟагьы даҽа аҟаза-икласск шымҩаԥиго.
"Иахьатәи ҳаамҭазы ашьцылара бааԥсқәа рацәоуп — абраҟоуп аҟазшьа ахьаарԥштәу, иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы шәыԥсадгьыл шӡырыжәго шәхашәмыршҭлан", — ҳәа азгәеиҭеит аспортсмен.
🖇 Емельианенко жьҭаара 4 рзы самбо азы жәларбжьаратәи атурнир ааиртуеит.
Авидео © Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы
#social
Post #21212
45
- 👍 2