Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ №5" аҭоурых арҵаҩы Цкәуа Солидаҭ, Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара" аҿы 2025-2026 аҵарашықәс иалагӡаны имҩаԥгаз аицлабра "Аҳҭнықалақь арҵаҩы" аҟны иигаз аиааира ахҳәаа аҭо.
"Сара ашкол аҟны схы иасырхәоит сингапуртәи арҵаратә система.Уа хықәкыс иҟоу -ахәыҷқәа командала русуроуп. Абри аметодика асоветтә рҵаҩцәа русумҭақәа рыла ауп ишеиқәыршәоу. Аҵаҩцәа бзиа ирбоит аиԥш зеиԥшу аметодика", — иҳәеит иара.
Цкәуа игәаанагарала, арҵаҩцәа иахьатәи аамҭа иашьашәало еиҿкаау аметодикақәа рхы иадырхәалар алҵшәа ҟамлар залшаӡом.
Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
Post #21185
22