"РосАгрохиммаҵзура" ставропольтәи афилиал аҟазауаа Гал араион ақыҭанхамҩатә наплакқәа руак гәарҭеит.
Урҭ еиҭаҵуа алабораториа рхы иархәаны адгьыл ачашәра аҩаӡара еилыркааит, аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны адәынтәи аԥшаарақәа рзы аметодикақәа алыркааит.
Агәаҭарақәа рылҵшәақәа Гал анхацәа алаҵеиҭарсрақәа ҟазарыла рышьақәыргылареи арҵәыратә система бзиақәа ралԥшаареи рҟын ирыцхраауеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аус зыдулоу амҩатә хсаала ахархәарала агрономцәа акыршықәсатәи абаҳчақәа рышьҭаҵаразы адгьыл ачашәра инҭырҳәцааны ахәшьара арҭоит.
Ақәҿиара змоу аԥышәа Аԥсны егьырҭ анхамҩақәагьы рыларҵәара азгәаҭоуп.
🖇 Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи "РосАгрохиммаҵзуреи" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2026 шықәса мшаԥымзазы имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Post #21203
15
