Аԥсни Урыстәылеи еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр аҿиара иалацәажәеит АҩА рминистр Роберт Кьиути УА аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Храпови, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аганқәа иазгәарҭеит Урыстәылеи Аԥсни рҵакырақәа рҟны аусҭҵаареи аӡбарҭеи зҽырцәызҵәахуа ахаҿқәа рыԥшааразы АКЦ аҵак ду шамоу.
Аинформациа-координациатә центр ашьаҭала еицырзеиԥшу аексперт-криминалисттә центр аԥҵара аԥыжәара змоу хырхарҭоуп.
Иара убас иазгәаҭан Аԥсни Урыстәылеи рыҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа ирыҵаркуа аҟәшақәа русеицура еиҳагьы арҿиара аҵак ду шамоу.
Post #21206
31
