TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21202 21
Очамчыра араион қыҭакгьы ыҟаӡам амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа змауз, аиҳарак ааха роуит ашьхара иаԥну ақыҭақәа: Џьгьарда, Ӷәада, Ҷлоу, Маркәыла, абри атәы иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.

"Ақыҭа мҩақәа рҭагылазаашьа бааԥсуп, иҟоуп амҩақәа ахьыбгаз, ашколтә автобусқәеи инхо ауааԥсыреи зымцуа-изымаауа иахьыҟалаз", — иҳәеит иара.

Иара убас аҟәарахьчаразы иргылаз аӡкырақәа аԥхасҭа роуит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Габелаиа иажәақәа рыла, амшцәгьа ирнаҭаз аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа цоит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аҟәа аҟаза-икласс мҩаԥигеит. Акырынтә адунеи ачемпион 150-ҩык аспортсм…
  2. Oct 3, 2026Гагра араион ахақәиҭтәра амш азгәарҭоит жьҭаара 6 рзы, абри атәы аанацҳауеит араион ахадар…
  3. Oct 3, 2026Мушьни Хәарцкьиа игәаларшәара иазку ацәыргақәҵа аатит "Аҟәатәи абаа" аҿы ҳәа аанацҳауеит а…
  4. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа ԥшахьарсразы даҭааит. Еицырдыруа урыстәылатә…
  5. Oct 3, 2026Фиодор Емельианенко Аԥсныҟа дааит. Еицырдыруа аспортсмен самбо азы жәларбжьаратәи атурнир…
  6. Oct 3, 2026Афонҿыцтәи аӡҭачы арыцқьаразы адгьыл аӡаҵаҟатәии аҵарҵауларатәии усурақәеи, аӡҭачқәа ррыцқ…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →