Аԥсуаа ҳаԥсабара ажәа ссирқәа арҿиеит. Шәахәаԥш А́гашьха (прибрежные горы). Риҵаҟа уаныбжьалалак, Бзыԥ еиҩнашо аҳаракырақәа ирзеиԥш хьӡуп.
Ԥыхьатәи ҳанҵамҭақәа руак аҿы иаҳҳәахьан Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Очамчыреи ажәытә аԥсуаа "Ага" ҳәа шырзырҳәоз. Уамашәа ибатәым ари ажәа хьӡи-ԥшеи згым даҽа ҳақалақьк аофициалтә хьӡы иахьалоу. Иарбану жәдырит усгьы... Гагра.
Гагра – жәытә топонимуп ҳәа рыҩуеит аҵарауаа (Кәарҷиа, Чрыгба уҳәа егьырҭ), Гакы́ра, ма Га́кра аҟынтә иаауеит, аурысшәахь еиҭаҳгозар: "удержание побережья", "перекрытие берега".
Ииашахаҭаны, араҟа ашьхақәа амшын инӡаалоит, еиҳарак Абааҭа азааигәара. Гагроуп иахьыҟоу ашьха иҵхәрааны иаразнак амшын иалало Ҳаԥы́рҩаш (Репруа), ашьхара кылҵәаны аихамҩа гоуп. Амҩадугьы кырџьара ашьха иадцәылоит, ацҳа ҳаракқәа еишьҭала-еишьҭало, амшын агәы ухыԥшыло ақалақь уаалалоит🌊
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #409
457

- 👍 14