Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны х-қәгыларак рымоуп, иара убас Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба Попов ихьӡ зху ахортә ҟазара Академиаҿы аҟаза-икласс мҩаԥигоит.
Агастрольқәа мҩаԥгахоит жьҭаара 7-11 рзы иҳәеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба.
Иара иажәақәа рыла, апрограмма иарбоуп:
◽️ Жьҭаара 8 асааҭ 16:00 рзы — Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа асахьаҭыхратә Академиаҿы хаҭалатәи ицәыргақәҵа аартра иалахәхоит,
◽️ Жьҭаара 9 асааҭ 19:00 рзы — Москватәи аконсерваториа Рахманинов изал аҿы аконцерт ду аҿы имҩаԥгазоит Нодар Ҷанба авиолончель азы Исоната адунеитә ԥхьарбара.
◽️Жьҭаара 10 асааҭ 16:00 рзы — ВДНХ апавильонқәа руак аҟны.
🖇 Агастрольқәа Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала имҩаԥгахоит, уи Урыстәылеи Аԥсни рмузыкантцәа рыбжьара шықәсырацәалатәи арҿиаратә еинырра иацнаҵоит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
#social
Post #21190
29