Гәдоуҭатәи ашколқәа ахәыԥха аиҿкааразы ишазхиоу гәарҭеит.
Урыстәылеи Аԥсни рҟны Аҵара аминистррақәа еицырзеиԥшу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашколқәа — аҩнымаҭәеи ачысмаҭәеи, афатә аҟаҵаразы амаругақәа, аԥечкақәа, архьшәашәагақәа ахьыҟоу акрыфарҭақәа рыла еиқәыршәоуп.
Апрограмма аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа ирзырхоуп, 66 школ рҿы инагӡаны инагӡахоит.
🖇 Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.
Post #21173
18