Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколқәа рыкрыфарҭақәа рҿы афатә ԥха аиҿкааразы аԥара азоунажьуеит Урыстәыла ахада ирезервтә фонд.
Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
"Аҳәынҭқарра ахада ирезервтә фонд аҟынтәи акы аназоунажьуа, уи иаанарԥшуеит ҷыдала дшазыҟоу, уи аԥыжәара амоуп ҳәа ишиԥхьаӡо", — азгәеиҭеит иара.
Кириенко иажәақәа рыла, ари аӡбамҭа анагӡараҿы иҵегь адгылара рыҭахоит Аԥсны абиуџьет аҟынтәи.
"Аҭаацәарақәа рҭагылазаашьақәа еиԥшым, ахәыҷқәа рзы рылшарақәа еиҟарам, еиҳаракгьы аиҵбыратәи аклассқәа рҿы. Ари апрограмма Урыстәыла аус ауеижьҭеи акрааҵуеит. Ари еиҵагыло абиԥара ргәабзиароуп, — амилаҭ ргәабзиара азҵаара ауп", — иҳәеит иара.
Post #20142
27