Гагра иҟоу ахәбатәи аиланхарҭа Кемпинг дырԥшӡоит, иара убас аӡыҭгагатә станциақәа, арыцқьаратә ргыларақәа, аихшаратә еиқәҳәала дуқәа, аҳаблақәа, ма аиланхарҭақәа рҟынӡа аӡы мҩанызго аӡымҩангага хада ԥсаххоит.
Гагра араион аиҳабыра ргәы иҭоуп ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара, аҵакыра ариаҵәара, амҩа акаҭран ақәҵара.
Акоммуникациақәа — 400 инаркны 110 рҟынӡа еиуеиԥшым агәҭаӡара змоу аӡымҩангага хада ацәаҳәақәа рыԥсахразы аусура мҩаԥыргахьеит.
"Анхарҭатә усбарҭа аусзуҩцәа аҩнеихагылақәа рҿы аусурақәа мҩаԥыргахьеит, аҩнаҵаҟақәа рҟны аӡы ҭарбоуп, афымцамҩангагақәеи, аӡымҩангагеи, аӡыҭгагақәеи, аӡцрыҵцарҭақәеи рыԥсахразы аусурақәа жәпакы мҩаԥгоуп. Арҭ аусурақәа рынагӡаразы араионтә биуџьет аҟынтәи ирзоужьуп — 40 млн мааҭ рҟынӡа", — иҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
Post #21177
17