TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21180 25
Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥаӡом" аатит Аԥсны ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

Аекспозициаҿы ицәыргоуп Урыстәыла афедералтә музеиқәа хәбеи арегионалтә музеиқәа хԥеи реизгақәа рҟынтәи аурыс ҿыханҵа арҿиамҭақәа 35.

"Иазгәаҭатәуп, Урыстәыла Акультура аминистрра ацхыраарала Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа ари ацәыргақәҵа ҷыдала Аԥсны азы ишазырхиоу. Даҽакала иаҳҳәозар, ас еиԥш аилазаареи ас еиԥш аишьҭагылашьеи рыла уи ҽаџьара ижәбаӡом", — ҳәа азгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, аиҿкааҩцәа ацәыргақәҵатә ҵакыра рыԥсахит — архитектуратә ргылара ҟарҵеит, аҭӡамцқәа рыԥштәы, анавигациа рыԥсахит. Аҭааҩцәа рзгьы иазԥхьагәаҭоуп абжьыгид.

Аԥсны раԥхьаӡакәны ицәыргоуп: Иван Аивазовски иусумҭақәа "Море", "Туманное утро", "Закат на море", "Лунная ночь в Крыму", "Парусная лодка в море".

Иара убасгьы ацәыргақәҵаҿы Валентин Серов, Константин Богаевски, Георги Нисски, Таир Салахов, Наталиа Нестерова, Владимир Дубосарски уҳәа еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа цәыргоуп.

Аекспозициа иахаҿсахьа хадоуп Амшын еиқәа – агәалашәареи, амифи, алашареи, агәацԥыҳәареи реиужьра, аҭынчреи аҩныҵҟатә еиқәшаҳаҭреи рҭыԥ аҳасаб ала.

Ацәыргақәҵа аартуп ԥхынҷкәын 13 рҟынӡа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны…
  2. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  3. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  6. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →