Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд абиуџьет 2026 шықәсазы 22 млн мааҭ рҟынӡа иазҳауеит — 10 миллион мааҭ "Аԥсныформациа" аҿаԥхьа ирықәу ауал ашәара иазырхахоит, даҽа 10 миллион мааҭ — аибашьра аинвалидцәа рыхәышәтәрахь.
Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҿы афонд ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашәуа.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы асиа иану аинвалидцәа рхыԥхьаӡара 2750-ҩык шыҟоу.
Аибашьра аветеранцәа иԥхашьаны рышәҟәқәа аларҵаӡомызт Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахь, 30 шықәса раахыс ус изыхәҭаны асиа иарбам аҷкәынцәа рацәаҩуп иҳәеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Иаҳа инарҭбаан аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
#social
Post #21179
21