Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иацҵоуп жьҭаара 11 рҟынӡа.
"Ҳара иаадыруеит аицлабра аҽазыҟаҵараз аамҭа шаҭаху, убри азы аҽазыҟаҵара иахьымӡац зегьы рхы аладырхәырц азы алшара рымазар ҳҭахын", — азгәалҭеит Гьерзмааԥҳа.
Иалахәхар рылшоит амузыкатә ҵара змоу артистцәеи амузыкатә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәеи. 20 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа адунеи иарбан тәылазаалак ахаҭарнакцәеи, иарбан бжьызаалакьы зхоу зегьы азыҳәақәа аларҵар ҟалоит.
Аицлабра мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.
Post #21172
25