TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #20854 36
Бадра Гәынба афестиваль жәларбжьаратәи аекспедициа ацҵаразы "Аԥсуа цәқәырԥа" алахәылацәа раԥшьгара дадгылеит.

"Ари афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, сгәыӷуеит, аԥснытәи шәколлегацәеи шәареи еизааигәаны аус еицыжәулап ҳәа", — иҳәеит иара асасцәа рахь ихы нарханы.

Жәларбжьаратәи аекспедициа алахәылацәа Бадра Гәынба азҵаарақәа ирҭеит. Дара азҿлымҳан Аԥсни аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара акультуратә еиҭныԥсахларақәа ртәы, аҳәынҭқарра ахада акультура аминистр иҳасаб ала иусуратә ԥышәа, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә, Аԥсны аҿар-ҵарадырратә проектқәа рыҿиара.

Афестиваль алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада ареспубликаҿы рыҟазаараан аус здырулаз аԥшьгарақәа хԥа идыргалеит:

▪️Аԥсны аҩызцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи рҳаи атәыла акультура аӡыргареи – Amigos de Abjasia;
▪️Аԥсни Латинтәи Америкеи рыбжьара академиатә еиҭныԥсахлареи аҭҵаарадырратә усеицуреи –Project Research;
▪️Акультуратә еиҭныԥсахларазы ацифратә платформа: амузыка, атрадициақәа, аныҳәақәа, онлаин-еиԥыларақәа, авикторинақәа — Culture Wave.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз алахәылацәа аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аҟынтәи аҳамҭақәа ранаршьеит —Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа зну афотоальбоми амилаҭтә валиута аԥсари.
Telegram Sputnik Абхазия Бадра Гунба поддержал инициативу участников "Абхазской волны" продолжить международную экспедицию фестиваля в будущем. "И в рамках проведения этого фестиваля, надеюсь, что вы будете тесно взаимодействовать со своими абхазскими коллегами", — обратился он…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 25, 2026Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аламҭалазы апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит Аҟәа. Аныҳәатә парад мҩаԥ…
  2. Sep 25, 2026Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аҟны сара сбызшәа, смилаҭ, скультура рзеиҭаҳәара хықәкыс ис…
  3. Sep 25, 2026ААУ акоманда актәи аҭыԥ ааннакылеит афорум "Аизарҭа ҭыԥ: Аԥсны" аспорт-патриоттә еицлабрақ…
  4. Sep 25, 2026Аибашьҩы иан ҳәа мацара акәымкәа, аԥсуа ԥҳәызба илызку абаҟа Аԥсны игылазар даара исҭахын…
  5. Sep 25, 2026Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аилазаара аиубилеи рыдиныҳәалеит. Аҳәынҭқарра…
  6. Sep 25, 2026Аҟәатәи ашколхәыҷқәа атранспорт ҿыц ахәшьара ҳарак арҭеит. Иахьа аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →