TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #20983 38
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аилазаара аиубилеи рыдиныҳәалеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 35-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә еилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

"Цәыббрамза 27, 1991 шықәсазы, ҳаԥхьагыла Владислав Арӡынба иаԥшьгарала иаԥҵан Аԥснытәи ареспубликатә ҳазалхратә маҵзура. Уи ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи Аԥсны аҳәынҭқарратә институтқәа рышьақәыргылареи рҿы акрызҵазкуа ашьаҿақәа ируакхеит", — ҳәа аҳәоит ахада инашьҭымҭаҿы.

Иара иазгәеиҭеит аҳазалхыҩцәа аҳәынҭқарра аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи аҳәынҭқарратә биуџьет ахарҭәаареи рҿы русура аҵак ду шамоу. Гәынба игәалаиршәеит мышқәак рышьҭахь атәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа хада — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш шазгәанаҭо.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан амаҵзура аусзуҩцәагьы рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит, урҭ рӷьырак аиааира рхы ақәырҵеит, иахьагьы аветеранцәа аусбарҭаҿы русура иацырҵоит. Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала амаҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа аҳазалхратә маҵзурақәа реинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Агәышԥтәы дырга "Аԥсны Аҳәынҭқарра ааҳаҭыр ҳазалхҩы" ранашьоуп Асҭамыр Оҭырбеи Асида Ӡаԥшьԥҳаи. "Аҳазалхратә маҵзураҿы зҽалызкааз" ҳәа ахьӡ ранашьоуп: Валери Гили Иулиан Бобуеи.

Адныҳәаларатә шәыҟәқәа иара убасгьы иаарышьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә еилакы анапхгаҩы Валери Пикалеви.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Амқьаҭӷба "Афрамакс Рио" ишәарҭадоу аҭыԥ ахь ииаргеит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Атранспорт а…
  2. Oct 9, 2026Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Сумтәи аобласт аҿы аиланхарҭа Кианица ахы иақәиҭыртәит, абри атә…
  3. Oct 9, 20262026 шықәса ажьырныҳәеи цәыббрамзеи рзы Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа 1,3 млрд мааҭ рыла еизҳа…
  4. Oct 9, 2026Аԥснынтәи 60-ҩык инареиҳаны Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы рза…
  5. Oct 9, 2026Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аҟәа ҳамҭас иаиҭаз ароиаль аӡынразы Аџ…
  6. Oct 9, 2026Очамчыра араион аҿы арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит. Жьҭаара 13-15 рзы араион аҿы имҩаԥырг…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →