Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аҟны сара сбызшәа, смилаҭ, скультура рзеиҭаҳәара хықәкыс исыман ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит АЖәР арегионалтә программа иалахәыз Хьыбла Маанԥҳа.
Хьыбла Маанԥҳа дназлоу, афестиваль арегионалтә прогамма иалахәыз Аԥснытәи аделегациа ртәылахь ихынҳәит уи ахыркәашара анаҩс.
"Афестиваль амҽхак уаршанхартә иҟан. Сара хаҭала аԥышәа ду снаҭеит. Аидеиа ҿыцқәеи апроект ҿыцқәеи сырзаартуп", — лҳәеит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
🖇 Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль мҩаԥысуан Екатеринбург, цәыббра 11-16 рзы. Уи иалахәын 100-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны ахаҭарнакцәа. АЖәР иахәҭаку жәларбжьаратәи аекспедициа "Аԥсуа цәқәырԥа" мҩаԥган Аԥсны. Уи атәылаҿ еизнагеит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Афорум апрограмма Урыстәылатәи арегионқәа рҿгьы иацҵан.
#social
Post #20986
37