Аҟәатәи ашколхәыҷқәа атранспорт ҿыц ахәшьара ҳарак арҭеит.
Иахьа аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит урыстәылантәи 30 ак атранспорт ҷыда Аԥсны аҭара ацеремониа. Уи иаҭааит Пушкин ихьӡ зху аҩбатәи ашкол ахԥатәи акласс аҵаҩцәагьы.
Урҭ аамҭа мгакәа акласстә напхгаҩы азин шааҟалҵаз еиԥш, иаразнак автобус ҿыцқәа руак гәарҭарц иҭалеит.
Аԥсны иаиуз атехника ҷыда асиа ашколтә автобусқәа 9 рыдагьы иаҵанакуеит ацхырааралас амашьынақәа, акоммуналтә машьынақәа, амцарцәара-еиқәырхаратә мотоциклқәеи автоцистернақәеи, акатерқәа, аидарақәҵага маҷқәа.
#social
Post #20982
34