Аҟәа араион аҿы аус зуа ашколқәа жәба рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рҿаҵаразы алшара ыҟаӡам, абуфетқәа ахьыҟоу х-школк рҟны ауп. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа араион аҵараҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа.
"Сынтәатәи ашықәс азы афатә ԥха еиҿаҳкаартә еиԥш ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа ҳамаӡам. Егьа ус акәзаргьы, амажәалыхи ашәырӡи рыла еиқәҳаршәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵеит", — лҳәеит лара.
Аҟәа араион иаҵанакуа ашколқәа ирҭоуп 155-ҩык аҵаҩцәа, иара убас азыҟаҵаратә классқәа рҟны итәоуп 20-ҩык ахәыҷқәа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит Sputnik Аԥсны аҟны.
🖇 Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.
#social
Post #21488
33