Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 902 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Владимиртәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Новгородтәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәа, Ҟрым, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Post #21490
16