TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 593 subscribers
Post #20884 42
Ԥшьышықәса зхыҵуаз Габриела Лахина лышьразы раԥхьатәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит иахьа, аӡбаҩ Олесиа Ҭарԥҳа лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы.

Аӡӷаб лан лаҳәшьа Кристина Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, гәымбылџьбарала, дыргәаҟны дылшьит ҳәа.

Ацәгьоура ҟалеит 2026 шықәса мшаԥы 7 асааҭ 20:30 инаркны 21:10 рҟынӡа, Маҷара ақыҭан.
Кристина Лахина арыжәтәи арҩашьыгатә маҭәашьарқәеи лыдкыланы дыҟан, лаҳәшьаԥҳа длыпҟеит лҳәатәы ахьхалымҵаз азы. Аӡӷаб хәыҷы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 8 асааҭ 03:12 рзы.

Аусҭҵаараан ишьақәыргылан ахәыҷы маха-шьахалеи психологиалеи аԥырхага шлыҭаз, лыпҟареи егьырҭ ақәымчрақәеи инеиԥынкыланы рхы ишадырхәоз 2025 шықәса ԥхынгәы 10 инаркны. Аргәаҟра ахҭыс инамаданы ацәгьоура ахәҭа ҿыц хацыркуп.

Аамҭакала ахара здырҵо лхымҩаԥгашьа машәырла аԥсра зхылҿиааз гәҭакылатәи агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭара аҟынтәи, ҷыдала гәымбылџьбарала ауаҩшьразы ҳәа аус еиҭакын.

Лара 8-15 шықәса ҿҳәарас иаҭаны абахҭа дҭаркыр алшоит. Аусҭҵаара анцоз аамҭазы Лахина дырбаандаҩын.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 18, 2026Аб, ан, ахәыҷы — амҿы иалху аҭаацәара рхаҿсахьа. Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқар…
  2. Oct 17, 2026Чхәартал-Бедиа-Тҟәарчал еимаздо 7 км амҩа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп. Ақыҭақәа рымҩа ааха…
  3. Oct 17, 2026Аԥсуа-аурыс рҿар рфорум алахәылацәа Аԥсны акультуреи, аҵасқәеи-ақьабзқәеи, Аԥсны иҭрыжьуа…
  4. Oct 17, 2026Ахысразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы. Аррамаҵзурауаа аибашьратә ҭагылазаа…
  5. Oct 17, 2026Аԥсны апаллиативтә цхыраара аҟаҵаразы 10-15 аиара-ҭыԥ змоу ахәшәтәырҭатә усбарҭа аартра аз…
  6. Oct 17, 2026Аԥсны ахаҭарнакцәа жьҭаарамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу афорум "Урыстәыла — Африка" иала…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →