TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21461 34
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа жәаба Аҟәа имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи арҵаратә цәыргақәҵа иалахәхоит иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.

"Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аекономика иреиҳаӡоу ашкол Амилаҭтә ҭҵааратә университет, Москватәи аенергетикатә институт реиԥш иҟоу иреиҳау аҵараиурҭақәа. Арҭ адунеи зегьы аҿы зоушьҭымҭацәа, зҟазауаа рҭаху иӷәӷәоу усбарҭақәоуп", — азгәеиҭеит иара.

Банников агәыӷра ааирԥшит ареспублика ауааԥсыра урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирырҭо аҵара ахырхарҭақәа ирызҿлымҳахап ҳәа.

V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны жьҭаара 14-16 рзы.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ —Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥш ВКонтакте.
Telegram Sputnik Абхазия Десять российских вузов примут участие в V Международной межвузовской образовательной выставке в Сухуме, сообщил и.о. руководителя представительства Россотрудничества в Абхазии Вадим Банников. "Среди них такие крупные вузы, как Национальный исследовательский…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 14, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  2. Oct 14, 2026Шәышықәса еиҳаны изхыҵуа — анышәаԥшь иалхәу адырган. Ари амаҭәар Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдо…
  3. Oct 14, 2026Аҟәа араион аҿы аус зуа ашколқәа жәба рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рҿаҵаразы алшара ыҟаӡам, а…
  4. Oct 13, 2026Аԥсны атехникатәии аграртәии занааҭқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ах…
  5. Oct 13, 2026Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы. Аусмҩаԥгатә…
  6. Oct 13, 2026Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →