Амҩахәҭа Лазаревское – Шәача аҿы адәыӷбақәа рныҟәара иаанкылахоит абҵара 17 инаркны абҵара 19 рҟынӡа, аинфраструктура ашәарҭадара аизырҳаразы ицо аремонттә усурақәа инарымаданы.
"Урыстәыла аихамҩа" ахара ицо адәыӷбақәа рзы амшын аԥшаҳәахьы анеира алыршара аиқәырхаразы аихшанҵа ҷыда аус аднаулеит:
▪️Москва-Адлер (№№ 83/84, 102/101, 103/104) Тҟәаԥс астанциахь инеиуеит, уантәгьы амҩа иқәлоит.
️▪️Санкт- Петербург — Адлер (№ 35/36), Ростов — Аҳаирбаӷәаза Шәача (№ 807/808) Лазаревскаиа астанциаҟынӡа иныҟәалоит.
️▪️20 реис рмаршрут ԥсахны Анапа, Кисловодск, Краснодар рҟынӡоуп иахьцо (Адлер, Сириус, Аҟәа рцынхәрас).
️▪️47 реис арҭ арыцхәқәа рзы зынӡа иаԥыхуп.
Ақалақь иаԥну аимадаразы аихшанҵа ("Ласточкақәа"):
▪️ақалақь иаԥну адәыӷбақәа рыхәҭак ныҟәалаӡом.
️▪️6 дәыӷбак Тҟәаԥс – Сириус/Аҳаирбаӷәаза Лазаревскаиа астанциаҟынӡа ауп иахьцало.
▪️амҩахәҭақәа Шәача- Сириус, Аҳаирбаӷәаза Шәача, Роза Хутор рҿы адәыӷбақәа реихшанҵа ԥсахрада иаанхоит.
Post #21550
30