TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21466 31
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон аофициалла ихацыркуп.

Уи хықәкыс иамоуп Аԥсны атәы зҳәо, амедиаҵакыра шьақәзыргыло, ареспубликеи уи амилаҭтә хаҿреи ирызку аинформациа уи анҭыҵ иазырбо амедиапроектқәа рпул аԥҵара.

"Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец лажәақәа рыла, азыҳәақәа нарышьҭыр рылшоит ажурналистцәа, асценаристцәа, арежиссиорцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, аблогерцәа.

Анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" амедиашьақәыргыларазы аректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Канавцев иҳәеит актәи асезон азы алԥшаараан ҭыԥк аҿы 10-ҩык шыҟаз.

Аҩбатәи асезон алахәылацәа еиҳа иӷәӷәоу рыпроектқәа агранттә цхыраара роуеит.

Азыҳәақәа рыдыркылоит абҵара 30 рҟынӡа.

Ԥхынҷкәын 1-15 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аицлабыҩцәа онлаин-интервиу.

Алԥшаара иахысуа 60-ҩык алахәылацәа рзы латәаралатәи амодульқәа мҩаԥгахоит 2027 шықәса ажьырныҳәеи мшаԥи амзақәа рзы.

Аҟазацәа: Ернест Мацкиавичиус, Андреи Писарев, Кристина Потупчик.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 14, 2026Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап алахәхаразы ареспубликахь иаауеит 150-ҩык инарз…
  2. Oct 14, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәылат аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицу…
  3. Oct 14, 2026Аимҳәазы алаҵа апартиа Аԥсныҟа иаагоуп лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева,…
  4. Oct 14, 2026Аԥснытәи агимнастка қәыԥшцәа жәаҩык Пензатәи аобласт аҿы аспорттә ҽеизакрақәа ирылахәхоит.…
  5. Oct 14, 2026Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз алахьеиқәреи аԥхарреи…
  6. Oct 14, 2026Аԥсны Аенергетика аминистрра аделегациа Москва имҩаԥысуа Урыстәылатәи аенергетикатә мчыбжь…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →