Иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа аатит урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
Иара еизнагеит ажурналистцәа, аблогерцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа, амедиа аусзуҩцәа.
Алахәылацәа ирзеиҭарҳәоит актәи асезон алҵшәақәеи уи аушьҭымҭацәа рыпроектқәеи ртәы.
Аусмҩаԥгатә Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа ацхыраарала имҩаԥгахоит. Аиҿкааҩцәа — "Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа", аплатформа "Урыстәыла —алшарақәа ртәыла", АНО "Диалог регионы", аҟазарҭа "Сенеж".
🖇 Аконкурс актәи асезон хыркәшахеит сынтәа — ааԥынразы. Уи иалахәын 50-ҩык инареиҳаны амедиа аҟазауаа. Адгылара рыҭан 14 проект.
Post #21464
26