🚤 Урыстәыла Аԥсны АҶА иарҭеит ахықәкырацәатә еиқәырхаратә катерқәа ԥшьба.
"Арҭ акатерқәа зызку, ҳәарада, Аԥсны аӡымҽхак аинспекциеи аӡытә обиектқәа рҿы аиқәырхара азҵаарақәеи роуп", — иҳәеит аусбарҭа ахада Алиас Аҩӡба.
Иара иазгәеиҭеит атехника ҿыц аԥшааратә усурақәа рымҩаԥгараан ухы иаурхәар шалшо, урҭ рҿы аус рур шрылшо аӡхәыҵалаҩцәа.
"Иааизакны Аԥсны азы ари даара акрызҵазкуа хҭысуп, избанзар иахьа уажәраанӡа усеиԥш акгьы ыҟамызт. Аҟәа ақалақь аҿы акәын аӡсагақәа ахьыҟаз", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аҩӡба иҳәеит акатерқәа руак аҳҭнықалақь аҿы ишаанхо. Егьырҭ ареспублика араионқәа рахь инашьҭхоит.
Post #21336
20