Аԥырҩы-акосмонавт Сергеи Риазански аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа алекциа дырзаԥхьеит.
Аицлабра алахәылацәа еилыркааит акомандаҿы аусура алыршара шаҟа аҵанакуа, алахәылацәа реизыҟазаашьақәа шышьақәгыло атәы.
Риазански иара убасгьы еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ изанааҭ акосмос ахь аԥыррақәа рыла изхаирҭәааз, иарбан ԥышәарақәоу дызхысыз, насгьы ихықәкахьы амҩа дахьықәыз шаҟа хьанҭара дрылсыз.
Адгьыл аорбитаҿы иҟазаараан, Риазанцев 350 нызқь рҟынӡа апланета асахьақәа ҭихит. Урҭ рахьтә иҟоуп илекциа аангьы идирбаз.
🖇 Анапхгараҟаҵаҩцәа реицлабра "Аԥсны акоманда" аҩбатәи асезон аихшьаалақәа ҟаҵахоит иахьа. Апроект аиҿкааҩцәа — ИИА "Аԥсны акоманда", аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" алархәны.
Post #21335
21