✈️ Аҟәантәи Шереметьево ишиашоу ицо ареисқәа аӡынтәи аихшанҵаҿы иаанхоит ҳәа аанацҳаит аҳҭнықалақь аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
Жьҭаара 28 инаркны аҳҭнықалақьқәа рыбжьара аҳаиреимадара иацырҵоит Nordwind Airlines-и аҳаиреилахәыра "Икари".
Ареисқәа мчыбжьык ахь ҩынтә — ахашеи асабшеи имҩаԥысуеит.
Шереметьево адагьы аӡынтәи асезон азы Аҟәеи москватәи Домодедово аҳаирбаӷәазеи, иара убас Санкт-Петербурги, Екатеринбурги, Казани ареисқәа рыбжьазаауеит.
Post #21333
25