Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 399 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Оренбургтәи, Пензатәи, Ростовтәи, Риазантәи, Самаратәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Тамбовтәи, Тулатәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Башкириа, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿы.
Post #21323
24