TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21287 31
Тҟәарчал араион аҿы аус зуа 17 школ рҟынтәи 16 школ рҟны ахәыԥха рыҭаразы апрограмма иаҵанакит.

Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы Мактина Ҭорҭиаԥҳа.

"Ҳазҭалаз амза 1 инаркны 16 школ рҟынтәи 12 школ рҟны ашколхәыҷқәа ахәыԥха рыдгалоуп, егьырҭ ԥшь-школ рҟны амажәалых, ачаи ма аӡыхаа ацҵаны ирырҭоит. Ахәыԥха амениу ашколқәа ирыднагалеит Аԥсны Аҵара аминистрра, уи асанԥҟарақәа ирықәшәоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит Sputnik Аԥсны аҟны.

🖇 Уаанӡа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко
иҳәеит Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵараз Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара шазоунажьуа. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзоужьхоит 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →