TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21262 24
Арҵаҩи аҵаҩи русеицураҿы акырӡа ихадоуп агәрагара ҳәа азиԥхьаӡоит Абӷархықәтәи абжьаратә школ аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Елҟан Аџьба.

"Ахәыҷы акы дузҵааны иузымдыруазар, иудыруашәа дужьар иашам ҳәа исыԥхьаӡоит. Ишузымдыруа, аха ишизеилукаауа иоуҳәар агәрагара шәыбжьанаҵоит. Уи ахәыҷқәа аԥсуара, ахымҩаԥгашьа, атәашьа-агылашьа дырҵара инаваргыланы ихадоуп ҳәа сыԥхьаӡоит", — ҳәа азгәаиҭеит Аџьба.

Иара иажәақәа рыла, ашколтә ԥсҭазаараҿ хымԥада аҵареи ааӡареи еицнаргозароуп, урҭ иреиҵамкәа ихаданы арҵаҩы иаликаауеит — иҵаҩцәа ауаҩра рылааӡара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.

🖇 Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит Арҵаҩы имш. 2026 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент официалла арыцхә жьҭаара 5 Арҵаҩ имшны ишьақәнарӷәӷәеит арҵаҩцәа рсоциалтә статус ашьҭыхразы аофициалтә ныҳәатә усуратә мшны.
#social
  • ❤ 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
  2. Oct 8, 202614,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан. Аиҳарак арацәа зҭ…
  3. Oct 8, 2026Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аан…
  4. Oct 8, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны…
  5. Oct 8, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35…
  6. Oct 8, 2026Адомино азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2027 шықәсазы. Ари аӡбамҭа еицҿакны…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →