Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс закәаншьаҭада ахақәиҭра лалхәдатәреи, лышәҟәеимдареи, лҭелтә еиҿцәажәарақәеи рымаӡа аилагареи рзы ашьаус хацыркуп Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.
Аусбарҭа аинформациала цәыббра 8 рзы Занҭариа А.В. Оганиан К. А. лӷьычра иҽазишәеит, иара убасгьы мчыла лсмартфон адыррақәа илҭарц лыдицалеит.
Оганиан илылшеит Занҭариа Совмин ахыбрахь дызланеигаз амашьына ааныжьны абналара.
Аусҭҵааратә усбарҭа имҩаԥнагоит аусҭҵааратәи апроцессуалтәи усқәа, ашьақәырӷәӷәаратә база ашьақәыргылареи ацәгьоурақәа рҭагылазаашьақәа зегьы реилкаареи рзы ахырхарҭа.
Post #21252
22