2026 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа 5,8 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Ҵыԥх иара абри аамҭа иаҿырԥшны алагалақәа 801,7 млн мааҭ рыла еизҳаит. Аплан 15% рыла иацҵаны инагӡоуп ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра.
Аԥсны араионқәа рҿынтәи ашәахтә лагалақәа рзы адыррақәа:
◾️Аҟәа — 2,6 млрд мааҭ, 11% рыла аплан иацҵаны инагӡоуп;
◾️Гагра араион — 1,7 млрд мааҭ (7%);
◾️Гәдоуҭа араион — 661,7 млн мааҭ (33%;)
◾️Аҟәа араион — 214,1 млн мааҭ (149%);
◾️Гәылрыԥшь араион — 241,9 млн мааҭ (19%);
◾️Очамчыра араион — 236,3 млн мааҭ (21%);
◾️ Тҟәарчал араион — 48,6 млн мааҭ (27%);
◾️ Гал араион — 67,9 млн мааҭ (28%).
Ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны сынтәа алагалақәа реизҳара азгәаҭоуп: Гагра араион — 282,1 млн мааҭ, Аҟәа ақалақь — 276,5 млн, Гәдоуҭа араион — 202,5 млн мааҭ.
Post #21285
34