"Аибашьраҿ ахацәа аиҳарак бџьарс ирымаз ашәарыцага шәақьқәа ракәын. Сара — аҳәызба. Анаҩс, дҵаҟаҵаҩыс исымаз Ҭемыр Надараиа, абџьарқәа змоу автобус шәҭал ҳәа ҳаиҳәеит. Саргьы маӡала автобус сҭалеит, аха Ҭемыр аҩныҟа сишьҭит", — абас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра актәи амш игәалаиршәоит, усҟан 18 шықәса зхыҵуаз Ашот Атиан.
Иара, аибашьра ашықәсқәа раан аԥсуаа рыдагьы аԥсадгьыл ахьчара зҽазызкыз, аиашара иадгылоз, ари атәыла гәыкала бзиа избо аерман милаҭ ахаҭарнакцәа дыруаӡәкуп.
"Сыхәдаџьал ахы алҟьаны ицеит. Афонҿыцтәи агоспиталь аҟны сԥырҟеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ажәылараан, сшьапы сықәгыло салагеит. Ҳачқәынцәа ақалақь ианалала, Џьамал Булиеи сареи ҳрыхьӡеит. Мышқәак рышьҭахь Аԥсны ахи-аҵыхәеи аӷа далцахеит. Уи амш сара сгәы иҭазаауеит сҩызцәеи сареи ҳшьа анаҳуыз иамшны", — иҳәоит аветеран.
"Агәымшәаразы" амедал занашьоу, аџьамуӷәа цәгьа зхызгаз Ашот Атиан иҭоурых шәаԥхьарц ишәыдаҳгалоит, ажурналист Саида Жьиԥҳа Sputnik Аԥсны иазлырхиаз анҵамҭаҿы.
#social
Post #21237
21

- 👍 1