Аԥсны Аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазтәи аусуратә мзар шьақәнарӷәӷәеит.
Ажьырныҳәамзазы ареспублика 18 ԥсшьарамш рзыԥшуп.
Аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи ахьеиқәшәаз инамаданы ииагахоит абарҭ аԥсшьарамшқәа:
▪️ажьырныҳәа 2 — ажьырныҳәа 13;
▪️ажьырныҳәа 3 — жьҭаара 1;
▪️лаҵара 1 — лаҵара 3;
▪️лаҵара 2 — лаҵара 4;
▪️лаҵара 9 — лаҵара 10;
▪️лаҵара 23 — лаҵара 24;
▪️нанҳәа 28 — нанҳәа 30.
Кәырбан ныҳәа арыцхә аныҳәа ааиаанӡа 10 мш ирхымгакәа ирыларҳәоит, ари амшгьы ԥсшьарамшхоит.
#social
Post #21249
22
