Аԥсны АҶА аминистр Алиас Аҩӡба Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлегацәа аҳамҭақәа ранеишьеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла АҶА аԥҵоижьҭеи 18 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы, аминистр инап аҟынтә аҳамҭақәа ранашьан Денис Џьабиев, Инал Захаров, Милана Цховребова ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Аҩӡба аусбарҭа аколлектив аныҳәа рыдиныҳәалеит, аҩ-республикак реиқәырхаратә маҵзурақәа рыбжьара аусеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Аԥсуа ган иара убас рколлегацәа ирырҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа — Ацқьа Анцәадзыхшаз Лыхнытәи Лылацәеиқәыԥсара ауахәама асахьеи аԥсуа еибашьҩы ихылԥарчи.
🖇 Аминистр зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа иааит ареспублика АҶА Амш инамаданы.
Post #21260
18
