TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21263 20
Гагратәи араионтә ӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Максим Осипов 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аҭакра иқәнаҵеит арҩашьыгатә маҭәашьарқәа заа еибыҳәаны, мҽхакы ҭбаала закәаншьаҭада реикәыршаразы ҳәа аанацҳаит Апрокуратура хада.

Осипов дааныркылеит хәажәкыра 14 рзы "Приморск" аҳәынҭавтоинспекциа аҿы. Имашьынаҿы ирыԥшааит аметадони амефедрони. Даҽа 350 грамм инареиҳаны анаркотикқәа рыԥшааит Гагра иҩны, 5,5 грамм инареиҳаны аметадон — Аацы ақыҭан аҵәахырҭақәа рҿы.

Аӡбарҭа излашьақәнаргылаз ала, Осипов ахьӡҷыда "Ares" ала ишьақәыргылам ахаҿи иареи еибыҳәаны аус иуан, игәы иҭан Аԥсны аҵакыраҿы анаркотикқәа агәылаҵақәа рыла рыларҵәара.

Осипов арбаандаҩра адагьы 600 нызқь мааҭ ахараԥса иқәҵоуп.

Ашьауӷақәҵара азакәанмчра аиуаанӡа ахашшаара алшара ыҟоуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Архип Лабахәуа аҩбатәи искульптура "Аҷкәыни аԥшеи" аадыртит Аҟәа, амшынбаӷәаза асқьалаҿы.…
  2. Oct 6, 2026Ҩыџьа ауаа ҭахеит, жәҩык аахақәа роуит украинатәи Арбџьармчқәа Подмосковие ажәлара иахҟьан…
  3. Oct 6, 2026Аԥсны урыстәылауаа жьҭаарамзатәи рыԥсшьаразы иалырхуа 10 хырхарҭак ирыҵанакит, абри атәы а…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеи…
  5. Oct 6, 2026Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа…
  6. Oct 6, 2026Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →