Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны АҩАР ахада Роберт Кьиут Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Леон Хьециа аколлектив дыдирдырит.
Иара ацәгьоурақәа рҿагыларазы аҟәша аиҳабыс дыҟан, уаанӡа — Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
Хьециа иара убас Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба диԥылеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ақалақь ахадара амилициа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо иахьынӡауа ацхыраареи адгылареи шриҭо азы агәрагара ааирԥшит.
Post #21246
21

