Цәыббра 30 аахыс ӡыда иаанханы иҟаз Аҟәа ақалақь ҭыԥқәак рҟны аӡы амш иалагӡаны ирырҭоит ҳәа аанацҳаит ақалақь ахадара.
Аӡиас Кьалашәыр аӡымҩангага ааха анаиу, ӡыда иаанхеит ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи, Ҷанба, Аԥсилаа, Аишьцәа Занҭариаа, Мушьни Хәарцкьиа рымҩақәа, иара убас араион аҿтәи аҩнқәа хыхьтәи реихагылақәа.
"Уажәтәи аамҭазы атруба аӡыршьҭра иҭарҵахьеит. Аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларазы аус хадақәа нагӡоуп. Иаанхеит х-елементк реидырҭәалара, уи ашьҭахь асистема аусура иалагоит", — ҳәа адырра ҟаиҵеит "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы атәылауаа рзы иааиԥмырҟьаӡакәа аӡыржәтә аагара еиҿкаан.
🖇 Цәыббра 30 рзы иауз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиас Кьалашәыр хыҵит, убри аан 100 метрак рҟынӡа инаӡо аӡымҩангага ахәҭа ааха аҭан.
Post #21250
25