Аҟәеи Аҟәа араион ахәҭаки аӡы рыҵалеит.
Ақәаршҩы ӷәӷәа леиуеит иаха аахыс. Аӡиасқәа аҟәарақәа ирҭыҵит, амҩақәа, ашьаҟамҩақәа, апаркқәа, аскверқәа аӡы рыҵоуп.
Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауала, уаҵәгьы ақәа леиуеит. Еиуеиԥшым амчхара змоу аҳауатә лышәшәарақәа, секундк ала 10 метрак рҟынӡа аԥшатлакә, амш аҩбатәи азбжа инаркны адыд-мацәыс иазыԥшуп. Аԥсшьарамшқәа рҟынӡа аҭыԥантәи аҳауатә лышәшәарақәа ҟалоит.
Post #21102
40