Бадра Гәынба ММА азы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко диԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аспортсмен иаара Аԥсны ауаажәларра зегьы рзы мацара акәымкәа, аспортсменцәа қәыԥшцәа рзы аҵакы змоу хҭысны ишыҟалаз.
"Шәыԥсҭазааратә мҩа зегьы иаҳнарбоит ауаҩы ихықәкы ықәиргылозар, иалихыз амҩа дацәхьамҵыр, иҽадцалара ааирԥшуазар, аспорт аҿы мацара акәымкәа, аԥсҭазаараҿгьы ақәҿиара дуқәа иоур шилшо", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Емельианенко еиҭеиҳәеит ареспубликаҿы иҟазаара аамҭа иалагӡаны аԥсуа спортсменцәеи аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи рыҿцәажәара дшахьӡаз.
"Сара хымԥада Аԥсныҟа схынҳәуеит. Саауеит, амастер-классқәа мҩаԥызгоит, сҽазысшәоит сдырреи сԥышәеи зегьы аҷкәынцәа рымдара — исымоу, ирыхәаша зегьы", — ҳәа ациҵеит иара.
🖇 Жьҭаара 4 рзы Фиодор Емельианенко самбо азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" ааиртит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы.
Post #21248
23