Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара апроект аԥызҵоз архитекторцәа рыгәҭакы уажәнатә иубарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски.
"Уажәы иубарҭоуп акомплекс ду згәы иҭазкыз архитекторцәеи ақалақьргылаҩцәеи рыгәҭакы ацәаара. Алашара аганахьалагьы, ақалақьргыларатәи архитектуратәи ӡбамҭақәа рганахьалагьы — ари ҳаамҭа иақәшәоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Журавски иазгәеиҭеит ирҿыцу аԥшаҳәа ареспубликахь иаауа атуристцәа шаднаԥхьало, атрадициақәа, аԥсабара, акультура еиӷьны реилкаара ишацхраауа.
#social
Post #21161
33