Афильм "Иҷыдоу апациент" аҟны аԥсуа ԥҳәызба ароль хада налыгӡар сҭахуп ҳәа арежиссиор исыдигалеит, уи сара сзы иреиҳау гәахәаран ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит актриса Милана Ломиаԥҳа.
"Ари ароль сақәгәыӷуамызт, аха гәахәарыла инасыгӡеит. Аурыс кинемотографиа аҟны исырҳаз аԥышәа маҷым, сзабадырыз маҷым, исҵаз рацәоуп", — лҳәеит лара.
Афильм аҭыхрақәа мызки бжаки инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Уи ӡырыргеит Москва жьҭаара 1 азы. Актриса лажәақәа рыла, афильм зызку, иуанаҳәо, аҵакы — аԥсуа хәаԥшыҩгьы изааигәоуп.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
#social
Post #21157
40